Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы ақырҭцәа раԥшьгарала ажьырныҳәа 20, 1993 шықәсазы аҳҭнықалақь Аҟәа еиҿкаан "Аԥсны аиқәырхаразы ахеилак" ҳәа.
Ахеилак ахықәкы, уи иалазма аԥсуа милаҭ еиуаз, ҳтәыла аполитикатә ҭагылазаашьазы ныррас ианаҭарц алшоз, аҭоурыхҭҵааҩцәа ари ахеилак аганахьала иҭырҵааша адокументқәа ыҟоума, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵааҩы Аслан Аҩӡба.
Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳаи аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡбеи реиҿцәажәара инарҭбааны шәахәаԥшыр ҟалоит абра.