Аԥсны

Аԥсуа еибашьыгатә шхәақәа аӡиа Риҵаҿы арегатақәа рымҩаԥгаразы рхы иадырхәар рылшоит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Аԥсуа-адыгатә еибашьыгатә шхәақәа ҳаԥхьаҟа аӡиа Риҵаҿы арегатақәа рымҩаԥгаразы рхы иадырхәар рылшоит ҳәа азгәеиҭеит аетнопарк "Аԥсны" аиҳабы Мзауҷ Ԥлиа.
Раԥхьаӡа ас еиԥш иҟоу аԥсуа еибашьыгатә шхәа Аԥсныҟа иааган 2021 ашықәсазы, уажәы уи Риҵа аекскурсиақәа рымҩаԥгаразы ахархәара азыруеит. Аҩбатәи — ҩышықәса рышьҭахь иааган, аетнопарк аҿы "адәы иқәыргылоуп".
Илабҿабахаз аҭоурых: аԥсуа еибашьыга шхәа аӡы ишхырҵаз