Арҭи егьырҭ ахҭысқәеи Sputnik есымчыбжьатәи ахҳәааҿы.
Sputnik
Ажьырныҳәеи Аӡӡаахреи
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны иазгәарҭеит аныҳәақәа ҩба.
Аԥсуаа рҿы еиҳа аҵак ду змоу аныҳәа Ажьырныҳәа аҭоурых дуӡӡа амоуп, ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа иԥшьоу милаҭтә ритуалуп. Уи азгәарҭоит ажьырныҳәамза 13 рзы. Аныҳәара мҩаԥыргоит амра анҭашәалак ашьҭахь быжьхаҿык змоу ажьира Анцәахәы Шьашәы ихьӡала.
Ажьырныҳәамза 18 - 19 руха Аԥсны аӡӡаахрақәа мҩаԥысит. Традициан ишышьақәгылоу еиԥш анцәаихаҵаҩцәа аӡәырҩы Каманҟа амҩа иқәлоит. Аԥшьа Василиск иӡыхь аҿы аӡӡахрақәа мҩаԥыргоит.
Хҩык рышьра
Ажьырныҳәамза 14 аҽны аӡбарҭа хҩык ауаа ишьит ҳәа агәҩара ззыҟоу Аслан Дочиа дшаанкылац даанкылоуп ҳәа аӡбара аднакылеит.
Ашьаусԥшаара аматериал аҽны Аҟәа, акаҳуажәырҭа “Бисквит” аҟны иҟалаз аимак иахҟьаны Дочиа бжьынтәы еиҵамкәа Лашарела Кәыҵниеи Ешсоу Жьибеи дыриеихсит.
Абри ашьҭахь Аслан Дочиа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтә дцарц адәахьы дахьындәылҵыз Ешсоу Жьиба иашьа Нарсоу диҿаҳаит. Акаҳуажәырҭа аусзуҩцәеи аҭааҩцәеи рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭаргыланы Дочиа Жьиба ԥшьынтә иреиҵамкәа диеихсит.
Лашарела Кәыҵниеи аишьцәа Жьиааи ироуз ахәрақәа ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит. Иара убри аҽныҵәҟьа Аслан Дочиа дааныркылеит, иганахьала ашьаусгьы хацдыркит.
Ахәбатәи акандидати алхрақәа рҽырзыҟаҵареи
Алхратә комиссиа хадаҿы акандидат Адгәыр Хәырхәмал ашәҟәы дҭагалан ажьырныҳәамза 16 рзы. Аҳәынҭқарра ахадарахьи ахадацәа рхаҭыԥуаҩрази ашәҟәы иҭагалоуп: Бадра Гәынбеи Беслан Бигәааи, Роберт Аршбеи Дауҭ Агрбеи, Адгәыр Арӡынбеи Алхас Џьынџьали, Олег Барцыци Адгәыр Какобеи.
Заанаҵтәи алхрақәа Аԥсны имҩаԥгахоит жәабранмза 15 рзы. Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы алхырҭатә ҭыԥқәа аадыртуеит ҩыџьара — Москвеи Черкесски, иара убас Ҭырқәтәыла Сақариа (Адаԥазары).
Акандидатцәеи алхыҩцәеи алхраԥхьатәи аиԥыларақәа мҩаԥыргоит.
Аԥсны алхратә кампаниа аетапқәа зегьы рҿы "Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рзы" азакәан аҭахрақәа шынарыгӡо азы апрокуратуратә хылаԥшра рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵеит апрокурор хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа.
Амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа рықәгыларақәа
Ажьырныҳәа 15 рзы амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәақәак хаԥышәала 30 мааҭ ҳәа хышықәса раԥхьа ишьақәдыргылаз амаҵзура ахәԥса 50 мааҭ рҟынӡа ишьҭырхит. Аԥсны атранспорти аенергетикеи рминистрра иҟанаҵаз адыррақәа рыла, ахәқәа рышьҭыхра Аԥсны аминистрцәа реилазаара асанкциа ақәым.
Аҟәатәи амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәа ажьырныҳәамза 17 раахыс ареисқәа мап рцәыркит, аныҟәара ахәԥса иацҵатәуп ҳәа адҵа ҟарҵоит. Аҟәа ахадара аекономикеи атранспорти рдепартамент адиректор Автандил Џьынџьал Sputnik иазеиҭеиҳәеит аминистрраҿ аныҟәара аоптималтә хәыԥса аус шадыруыло. Иааиуа амчыбжь азы аҵыхәтәантәи алкаақәа шьақәыргылахоит.
Афымцацәаҳәақәа рӷьычра
Ажьырныҳәамза 17-18 руха Тҟәарчал араион аиланхарҭақәа фба лашарада иаанхеит. Идырым хаҿқәак 300 метра алиумини иалхыз афымцатә ҳа алашара арцәара аамҭазы ирӷьычит.
Аенергетикцәа иахәҭоу зегьы аахәаны афымцаҳақәа еиҭашьақәдыргылеит. Ажьырныҳәамза 18 рзы алашара зегьы ирзоужьхеит.