Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла Аԥсны ахада иалхразы алхратә ҭыԥқәа ҩбеи Ҭырқәтәыла Сақариа ҭыԥки аадыртуеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии
Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы алхырҭатә ҭыԥқәа аадыртуеит ҩыџьара — Москвеи Черкесски. Абри атәы арадио Sputnik аҿы иҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада алахәыла Алиас Бранӡиа.
Абри азы арзаҳал аарышьҭит Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыршаҳаҭны. Уи арзаҳал иану азыҳәа Аԥсны Алхратә комиссиа хада ишьақәнарӷәӷәеит ҳәа азгәеиҭеит Бранӡиа.
Иара убас, Аԥсны АКХ ахада Дмитри Маршьан Sputnik ишазааицҳаз ала, ишьақәырӷәӷәоуп урҭ алхратә ҭыԥқәа рҿы алхратә комиссиақәа реилазаашьагьы.
Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы иара убас ажьырныҳәа 16 рзы еицҿакрыла ирыдыркылеит Ҭырқәтәыла, Сақариа ақалақь (Адаԥазар) аҿы абжьыҭиратә ҭыԥ аартызарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0