Аԥсны

2024 шықәсазы Аԥсны иааизакны атауареикәаршара 57,1 миллиард мааҭ артәеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 — Sputnik. 2024 шықәсазы Аԥсны иааизакны атауареикәаршара 57,1 миллиард мааҭ артәеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
2023 шықәса иаҿырԥшны аизҳара — 16,5%, ма — 8,1 миллиард ыҟоуп.
Убри аан иҳаҩсыз ашықәс азы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара атауареикәыршара 41,1 миллиард мааҭ ҟалеит, уи аԥхьатәи ашықәс азы – 35,2 миллиард мааҭ.

Атауареикәыршара азеиԥш мҽхакы аҿы аимпорт 48,1 миллиард мааҭ ыҟоуп, аекспорт - 8,1 миллиард мааҭ.
2024 шықәсазы Аԥсны Урыстәылантәи 33,9 миллиард мааҭ рыхә атауар алагалан, 7,2 миллиард мааҭ рыхә атәыла иалганы идәықәҵан.
2024 шықәсазы Аԥсны егьырҭ атәылақәа рҟынтәи атауареикәаршара