Аԥсны

2025 шықәсазы афымцамч ахархәараз ахәԥҵәақәа рыцҵара аанкылоуп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 — Sputnik. 2025 шықәсазы афымцамч ахархәара ахәԥҵәақәа рыцҵара ҳазҭоу ашықәс мшаԥымза 1 аҟынӡа иаанкылоуп.
Иахьа Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба абри азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Аусмҩаԥгатә рыдыркылеит "ахархәара зҭоу афымцамч ахәԥса алхразы азинмч змоу аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи хра амамкәа русура амҩаԥгара хшыҩзышьҭреи аԥареизгара аиӷьтәра хықәкыси иҟаҵаны".
"Амшынеиқәафымцамчи" Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭеи напынҵаны ирыҭоуп:
2025 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны мшаԥымза 1 аҟынӡа 2024 шықәсазы афымцамч азы ишьақәдыргылаз ахәԥҵәақәа рхы иадырхәаларц;
ахархәара змоу афымцамч азы ахәԥса ашәара аҩаӡара аизырҳара, насгьы ауалқәа рылгаразы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара;
афымцамч ахархәаразы ироуз ахашәалахәы аҟынтәи 30% иреиҵамкәа акоммерциатә фымцамч ахә ашәаразы иԥхьакзарц.