Аԥсны

Амилаҭтә галереиа аиҳабы еиҭеиҳәеит абылраан еиқәхаз асахьақәа рҭагылазаашьа атәы

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 — Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбра абылраан еиқәхаз асахьақәа 64 рыԥшшәырӷәӷәага-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргеит аҟазауаа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Амилаҭтә галереиа адиректор Сурам Сақаниа.
Иара иазгәеиҭеит аԥшшәырӷәӷәагатә усурахь ишаҵанакуа ашәыга ҽыҭ-ҽыҭла амҵра ацәыхьчаразы аҷаб ахархәара аметод.
Сақаниа иажәақәа рыла, ари аус аҿы рколлегацәа акыр ацхыраара ҟарҵеит.
Шықәсык аԥхьа амца зкыз Аԥсны амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа иалаблит шамахамзар асахьақәа зегьы. Ажьырныҳәамза 20-21 руыха, Амилаҭтә галереиа аҵәахырҭеи Ацәыргақәҵатә зал хадеи ахьыҟаз Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбра амца акит. Ԥшьнызқь инарзынаԥшуа Аԥсни аҳәаанырцәи рсахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа рахьынтә еиқәхеит ҩышә заҵәык. Еиқәхаз аусумҭақәа реиҭашьақәыргылараҿы Аԥсны ацхыраара арҭеит урыстәылатәи рколлегацәа.