Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Очамчыра араион аҿы иҵарны иқәгылоу азҵаарақәа ирызкны

Sputnik
Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Артемон Габилаиа арадио Sputnik аефир аҿы 2024-тәи ашықәса аихшьаалақәа ҟаиҵеит.
Габилаиа иажәақәа рыла, 2024-тәи ашықәсаз биуџьет нагӡан, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы аиҵахарақәа ыҟан, ауааԥсыра ианаамҭаз ауалафахәы рызшәараҿы, аха ауал ҳақәны ҳанымхеит, ҳәа иҳәеит Габилиа.
"Ашықәсан иарбаз аусурақәа раӷьырак ҟаҵан. Ақыҭақәа рҟны амҩақәа, асоциалтә ҭагылазаашьа иадҳәалаз азҵаарақәа ӡбан. Аӡы аганахьала аҵхырҭақәа рыҟаҵара ҳаҿуп иахьагьы. Даҽа х-ԥа ԥшьба ҟаҳҵараны ҳаҟоуп. Иҟоуп ақыҭақәа урҭ ахьаҳзыҟамҵо. Гәыԥ, Арасаӡыхь, ауадаҩра рымоуп. Иржәуаҵәҟьа рымам. Анхацәа дара рхаҭа иҳаҵырҳәаз ыҟоуп, убри ҳазхәыцуеит. Ҩышықәса рыҩныҵҟа ари аус иазырхан 5-6 миллион мааҭ", - иҳәеит Габилаиа.
Убри аан ақалақь аҿы аӡцарҭақәа реиҭашьақәыргылара иаҿуп рхатәы мчла, аха аусутә рацәоуп азы апроект иаадкыланы Аинвестпрограмма иалазар рҭахуп.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.