АҞӘА, ажьырныҳәа 21 — Sputnik.Воронеж ақалақь аҿы инхо 27 шықәса зхыҵуа ахаҵа иганахьала ашьаус хацыркуп, иара Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амашьына закәаншьаҭада аиагара еиҿикааит ҳәа гәҩарас дрымоуп. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхратә усбарҭа.
Аусҭҵаара излаанацҳауа ала, иара Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс лыхьӡала амашьына Mercedes-Benz E350 ашәҟәы иҭагаланы, жәларбжьаратәи аушьҭратә ҭыԥ "Адлер" ала аамҭала Урыстәылаҟа ииалгарц азы длыҳәеит.
Уи инадҳәаланы аҳазалхратә баџь аҽацәхьакра ҩ-миллион мааҭ инареиҳаны иҟалеит.
Амашьына ааныркылеит. Иара иҿы иқәшаҳаҭхеит, ҩышықәса рҟынӡа абахҭа дҭаркыр ауеит.