АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Анаԥшцәа раҳасабала Аԥсны ахада иалхрақәа рахь иаауеит Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Приднестровиеи ралхратә комиссиа хадақәа рлахәылацәа.
Аԥсны Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, алхрақәа ирылахәхоит 60-70-ҩык рҟынӡа жәларбжьаратәи анаԥшцәа.
Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа ҟалоит жәабран 15 рзы. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы акандидатцәа ҳәа ашәҟәы иҭагалоуп: Бадра Гәынба, Роберт Аршба, Адгәыр Арӡынба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал.