Аԥсны

Аԥсны амҩадуқәа рҿы арыжәтә зжәыз 13-ҩык амашьынаныҟәцаҩцәа аанкылоуп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа Аԥсны амҩадуқәа рҿы арыжәтә зжәыз 13-ҩык амашьынаныҟәцаҩцәа ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Урҭ рахьтә 8-ҩык арыжәтә џьбара ыжәны иҟан, ԥшьҩык — арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы иҟан, аӡәы амедицинатә гәаҭара мап ацәикит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура ажьырныҳәа 22 рзы иакьыԥхьит азакәан еилазгаз рфотосахьа.
Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа амашьынаныҟәцараз азин змам, арыжәтә иашьны иҟоу, амедицинатә гәаҭара мап ацәызкуа реилкааразы иҷыдоу агәаҭарақәа рымҩаԥгара иацырҵоит.