Аԥсны

Гал ҩымш ӡыда иаанхоит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Гал ҩымш ӡыда иаанхоит, ашьыжь ажьырныҳәа 23 асааҭ 05:00 инаркны.
Гал араион Анхамҩатә усбарҭа аиҳабы Дмитри Адлеиба Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, аӡы аанкылахоит аӡымҩангагақәа ҩба руак аԥжәара иахҟьаны.
Иара иажәақәа рыла, ари еиҳарак зыхҟьо ақәа ӷәӷәақәа раан аӡы ақәыӷәӷәара ахьеизҳауа ауп.
Аиҭашьақәыргыларатә гәыԥ аусурақәа ирылагоит ажьырныҳәа 23 рзы. Аусурақәа ирыдхалар алшоит асааҭ 6:00 инаркны 14:00 сааҭ рҟынӡа.