Аԥсны

Аԥсны ашколтә библиотекақәа рфондқәа х-нызқь рҵага шәҟәы рыла ихарҭәаахоит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 — Sputnik. Аԥсны аҵара Аминистрра ашколтә библиотекақәа рфондқәа рахь х-нызқь рҵага шәҟәы нанашьҭуеит.
Ашколқәа х-маҭәарк рыла абиблиотекатә фондқәа рхарҭәааразы азыҳәа цҵақәа нарышьҭит:
Алитературатә ԥхьара 4-тәи акласс,
Русская речь 4-тәи акласс,
Анбан актәи акласс.
Аԥсны 2024-2025 аҵарашықәс азы актәи акласс ахь ицеит 2500-ҩык, 11-тәи акласс аҟны итәоуп 1855-ҩык аҵаҩцәа.
Аԥсны 153 школ ыҟоуп, урҭ рахьтә 113 қыҭа школқәоуп, 40 - ақалақьтәиқәоуп. 58 - аԥсуа школқәа, аурыс - 55, аԥсуа-аурыс - 16, аерман школқәа - 24.