Аԥсны

Аԥсуа бизнесмен Леуан Миқаа урыстәылатәи атәылауаҩра имырхит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 — Sputnik. Аԥсуа бизнесмен Леуан Миқаа урыстәылатәи атәылауаҩра имырхит ҳәа аанацҳауеит RT.
Урыстәылатәи азинхьчаратә усбарҭақәа ари аинформациа шьақәдырӷәӷәеит.
Леван Миқаа далахәын 2024 шықәса абҵарамзазы Аԥсны имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциақәа, уи иахҟьаны атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа шьҭеиҵеит, уи ашьҭахь Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа рымҩаԥгара аҿҳәара аҭан.