Аԥсны

Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылго авокалистцәа реицлабра иаиааиз рыхьӡқәа рылаҳәоуп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 — Sputnik. Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылго авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи II Жәларбжьаратәи аицлабраҿ иаиааиз рыхьӡқәа рылаҳәоуп.
Аԥхьахә хада ланашьоуп Полина Шароварова – Урыстәыла.
Актәи аԥхьахә:
Самира Галимова, сопрано (Урыстәыла)
Иулиа Вакула, меццо-сопрано (Урыстәыла)
Аҩбатәи аԥхьахә:
Иван Бородулин, контратенор (Урыстәыла)
Евгени Бовыкин, баритон (Урыстәыла)
Ахԥатәи аԥхьахә:
Елен Егиазариан, сопрано (Ермантәыла)
Елизавета Кулагина, сопрано (Урыстәыла)
Аусмҩаԥгатә аркхоит ажьырныҳәа 24 рзы. Егьырҭ афиналистцәа адипломқәеи аԥхьахә ҷыдақәеи ранашьахоит.
Аицлабра Аҳәынҭқарра ахада икультуратә ԥшьгамаҭқәа Рфонд ацхыраарала имҩаԥысуеит. Аусмҩаԥгатә алахәхаразы 23-тәыла рҟынтәи 978 зыҳәа ҟаҵан. Аҳамҭатә фонд иааизакны 13,2 миллион мааҭ иҟоуп.