Аԥсны

Зцәа зтәым аҳәсеи ахшараиуреи рзы иршәо аԥарашәарақәа 50% рыла ишьҭыххоит Аԥсны

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 — Sputnik. Зцәа зтәым аҳәсеи ахшараиуреи рзы иршәо аԥарашәарақәа 50% рыла ишьҭыххоит Аԥсны, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Ирма Ҷантуриаԥҳа.
Ҵыԥх ашәарақәа 20192 мааҭ ракәын иҟаз, сынтәа — 30300 мааҭ.
Аамҭала аусура зылымшо рзы ашәарақәа — 7 нызқь мааҭ иацҵоуп, ажьырныҳәа 1 инаркны — 22670 мааҭ роулоит.
2025 шықәса актәи азбжазы аиразы ашәарацҵақәа ирыцҵахоит ҳәа ҳазҳәазом. Уи азы аӡбамҭа рыдыркылоит аиразы иҟоу аҭагылазаашьеи Афонд аныхтәқәеи зеиԥшроу анеилкаахалак ашьҭахь.