АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Афымцамҩангагаҿы иҟалаз амашәыр иахҟьаны Аҟәа, Ажәытә ҳаблеи Аҳаблаҿыц аҟны ҩнеихагылақәаки лашарада иаанхеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭаҟны.
"Афымцацәаҳәа аиԥҟьара иахҟьаны алашара ыцәеит.
Аиҭашьақәыргыларатә гәыԥ ауадаҩра ахьыҟоу аҭыԥ иашьҭоуп, макьана ирзымԥшаацт.