Баслахәтәи абжьаратә школ ахыбрақәа ԥхарала реиқәыршәаразы аԥышәаратә проект алыршоуп. Ақыҭа иалҵыз анаплакҩы Ҭенгьиз Қьебуриа иаԥшьгарала хәажәкырамза 2024 шықәсазы аус хацыркын, мызкы аҟара аҭаххеит аԥсҭазаара аларҵәаразы, иахьазы акласстә уадақәа, абиблиотека, ашкол иаҵанакуа аҩ-хыбрак рыҩнуҵаҟа иԥхароуп ҳәа адырра ҟалҵеит ашкол аҵараҟәша аиҳабы Инга Аблоҭиа.
"Еиқәдыршәеит, ибзиангьы аус ауеит, аха алашара усгьы иаҭахуп. Уи аныҟам агенератор аҭахуп. Егьыс иԥхаҵәыҵәараӡа ахәыҷқәа тәартә еиԥш аҭагылазаашьа риҭеит. Ашкол зегьы, аҭаацәа иҭабуп ҳәа иарҳәоит ас еиԥш аԥшьызгаз арԥыс, уи идагьы ацхыраара азҭаз араион ахадара… Арацәа мамзаргьы амҿы алагьы аус ауеит. Даараӡа аус шауа ҳгәаԥхоит", - лҳәеит Аблоҭиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.