https://sputnik-abkhazia.info/20250126/abloia-baslakhti-ashkol-arkharat-sistemazy-aus-shaua-gakhoit-1053474568.html
Аблоҭиа Баслахәтәи ашкол арԥхаратә системазы: аус шауа ҳгәаԥхоит
Аблоҭиа Баслахәтәи ашкол арԥхаратә системазы: аус шауа ҳгәаԥхоит
Sputnik Аҧсны
Баслахәтәи абжьаратә школ аҿы аклассқәа рырԥхаразы асистема ҿыц шьақәыргылоуп. Аӡытә рԥхагақәа рыла асистема аус арура алҵшәа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik... 26.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-26T10:45+0300
2025-01-26T10:45+0300
2025-01-26T12:25+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/17/1053475050_0:0:600:337_1920x0_80_0_0_48bf89276d54f834a3d7bbed963a0878.jpg
Аблоҭиа Баслахәтәи ашкол арԥхаратә система ҿыц азы: аус шауа ҳгәаԥхоит
Sputnik Аҧсны
Аблоҭиа Баслахәтәи ашкол арԥхаратә система ҿыц азы: аус шауа ҳгәаԥхоит
Баслахәтәи абжьаратә школ ахыбрақәа ԥхарала реиқәыршәаразы аԥышәаратә проект алыршоуп. Ақыҭа иалҵыз анаплакҩы Ҭенгьиз Қьебуриа иаԥшьгарала хәажәкырамза 2024 шықәсазы аус хацыркын, мызкы аҟара аҭаххеит аԥсҭазаара аларҵәаразы, иахьазы акласстә уадақәа, абиблиотека, ашкол иаҵанакуа аҩ-хыбрак рыҩнуҵаҟа иԥхароуп ҳәа адырра ҟалҵеит ашкол аҵараҟәша аиҳабы Инга Аблоҭиа."Еиқәдыршәеит, ибзиангьы аус ауеит, аха алашара усгьы иаҭахуп. Уи аныҟам агенератор аҭахуп. Егьыс иԥхаҵәыҵәараӡа ахәыҷқәа тәартә еиԥш аҭагылазаашьа риҭеит. Ашкол зегьы, аҭаацәа иҭабуп ҳәа иарҳәоит ас еиԥш аԥшьызгаз арԥыс, уи идагьы ацхыраара азҭаз араион ахадара… Арацәа мамзаргьы амҿы алагьы аус ауеит. Даараӡа аус шауа ҳгәаԥхоит", - лҳәеит Аблоҭиа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/17/1053475050_75:0:524:337_1920x0_80_0_0_321575d0caa1ae49d8429f1375551787.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аблоҭиа Баслахәтәи ашкол арԥхаратә системазы: аус шауа ҳгәаԥхоит
10:45 26.01.2025 (ирҿыцуп: 12:25 26.01.2025) Баслахәтәи абжьаратә школ аҿы аклассқәа рырԥхаразы асистема ҿыц шьақәыргылоуп. Аӡытә рԥхагақәа рыла асистема аус арура алҵшәа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Баслахәтәи ашкол аҵараҟәша аиҳабы Инга Аблоҭиа.
Баслахәтәи абжьаратә школ ахыбрақәа ԥхарала реиқәыршәаразы аԥышәаратә проект алыршоуп. Ақыҭа иалҵыз анаплакҩы Ҭенгьиз Қьебуриа иаԥшьгарала хәажәкырамза 2024 шықәсазы аус хацыркын, мызкы аҟара аҭаххеит аԥсҭазаара аларҵәаразы, иахьазы акласстә уадақәа, абиблиотека, ашкол иаҵанакуа аҩ-хыбрак рыҩнуҵаҟа иԥхароуп ҳәа адырра ҟалҵеит ашкол аҵараҟәша аиҳабы Инга Аблоҭиа.
"Еиқәдыршәеит, ибзиангьы аус ауеит, аха алашара усгьы иаҭахуп. Уи аныҟам агенератор аҭахуп. Егьыс иԥхаҵәыҵәараӡа ахәыҷқәа тәартә еиԥш аҭагылазаашьа риҭеит. Ашкол зегьы, аҭаацәа иҭабуп ҳәа иарҳәоит ас еиԥш аԥшьызгаз арԥыс, уи идагьы ацхыраара азҭаз араион ахадара… Арацәа мамзаргьы амҿы алагьы аус ауеит. Даараӡа аус шауа ҳгәаԥхоит", - лҳәеит Аблоҭиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.