Аԥсны

Гал ӡыла аиқәыршәара шьақәыргылоуп

Гал ақалақь аҿы аӡымҩангага хадақәа ҩба руак аԥжәара иахҟьаны аӡы ааныркылеит ажьырныҳәа 23 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Гал ақалақь аҩнуҵҟа ӡыла аиқәыршәара еиҭашьақәыргылоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал ақалақь анхамҩатә усбарҭа аиҳабы Дмитри Адлеиба.
Аиҭашьақәыргыларатә гәыԥқәа аӡымҩангагақәа аӡы ахьацәцоз 13-ҭыԥ еилыркааит, урҭ рҟынтәи хԥа рҿы аԥжәарсҭақәа рымҿхак ҭбаан.
Гал ақалақь аҿы аӡымҩангага хадақәа ҩба руак аԥжәара иахҟьаны аӡы ааныркылеит ажьырныҳәа 23 рзы. Аиҭашьақәыргылара азгәаҭан уахыки-ҽнаки ирылагӡаны, аха аӡымҩангага иахьыцәцоз аҭыԥ ҿыцқәа иԥшааз реиҭашьақәыргылараз мышқәак иадхалеит.
Адлеиба уаанӡа ишазгәеиҭахьаз ала, аӡы Гал иаиуеит аӡеизакырҭа аҟынтәи ҩ-ӡымҩангагагак рыла. Ақәа ӷәӷәаны ианауа аӡы иаиуа ақәыӷәӷәара иахҟьаны аӡымҩангаӷақәа аӡы ацәцара иалагоит.
Гал ақалақь анхамҩатә усбарҭа ахатәы техника ахьамам азы, ацхырааразы ИнгурГЕС, мамзаргьы иҷыдоу ахархәагақәа зтәу хаҭалатәи аԥшәмацәа рахь рхы дырхар акәхоит.