Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра рзы афымцамч ахархәара ахәԥҵәақәа рыцҵара еснагь иџьбароуп иҳәеит "Афымцаҭира" ԥасатәи аиҳабы Инал Лазба.
Лазба игәаанагарала Аԥсны аминистрцәа реилазаара ахәқәа рышьҭыхра хәҭа-хәҭала анагӡаразы аамҭахҵәа анрыдыркылоз ҳасаб азнауит ари азҵаара еснагь иахылҿиаауа аимак-аиҿак.
Лазба игәаанагарала Аԥсны аминистрцәа реилазаара ахәқәа рышьҭыхра хәҭа-хәҭала анагӡаразы аамҭахҵәа анрыдыркылоз ҳасаб азнауит ари азҵаара еснагь иахылҿиаауа аимак-аиҿак.
"Зегь акоуп абри графикла иҟауҵозар, уашьклаԥшроуп, иуынаҭо анализ ҟауҵароуп. Жәларбжьаратәи аԥышәа инақәыршәаны - ахәқәа рышьҭыхраҿы адисциплина раԥхьа игылоуп, нас ахә. Убас ианыҟам абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалоит - уара ишьҭыухоит, изымшәоз ишәаӡом, изшәоз ԥшьынтә-хәынтә еиҳаны аидара иқәлоит. Аԥсны аԥыза-министр ин.н. иӡбамҭа сақәшаҳаҭуп. Иааит аамҭа иҳамоу алҵшәақәа реиҭарыхәаԥшра", - иҳәеит Лазба.
Ахәқәа шьҭыхтәын, аха иуашәшәыроу акатегориақәа зынӡагьы ҳарзымхәыцӡеит иҳәеит иара.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.