Аԥсны

Приморсктәи абылтәыҭаҭәарҭаҿ иҟалаз ахҭыс инамаданы ашьаус хацыркуп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Приморсктәи абылтәыҭаҭәарҭаҿ иҟалаз ахҭыс инамаданы ауаҩшьрази, мамзаргьы ауаҩы игәабзиара ааха ӷәӷәа аҭареи аҽазышәаразы ашьаус хацыркуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Ари ацәгьоуреи изакәанымкәа абџьар амазаареи аныҟәгареи рзы гәҩарас ирымоуп Аԥсны атәылауаа Адамыр Ԥачалиеи, Марлен Малиеи, иара убас зхаҭара шьақәыргылам ауааи.
Афон ҿыц дааныркылеит 47 шықәса зхыҵуа Ааца инхо Марлен Малиа. Иара имырхит амарихуанеи аметадони згәылаԥсз аилаҳәыра, иара убасгьы имашьынаҿы ирԥшааит Калашников иавтомат.
Анаркотиктә маҭәашьарқәа хыԥхьаӡара рацәала раахәареи рыҵәахреи ирыдҳәаланы ашьаус аартуп. Малиа абахҭа дҭакуп.