Аԥсны

Ломиа еиҭеиҳәеит аԥсыӡқәа рышьклаԥшразы аӡаҵаҟатәи акамера шаԥҵоу

Sputnik
Аԥсыӡқәеи амшынтә ԥсаатәқәеи рмиграциа ашьклаԥшразы акамера ҟәыш аԥҵара апроект шиз атәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит Севастопольтәи иреиҳаӡоу аҿиара змоу аҭҵаарақәа ринститут амагистрант Ренат Ломиа.
Аекологиатә институт асас Саратовтәи аинститут адоцент Иури Петров аԥсуа ҵарауаа қәыԥшцәа ирыдигалеит Сириус IT атехнологиақәа рганахьала аус зуа аԥхынтәи апрограмма рҽалархәырц.
Апрограмма зызку ашколхәыҷқәа роуп аҟнытә, адырра рыҭан ашколқәа рнапхгаҩцәа, арҵаҩцәа. Ҩ-проектк аус адуларазы 12-ҩык алԥшаан. Ахәыҷқәа уажәы аԥсыӡқәа рсахьақәа аизгара иаҿуп, анаҩс урҭ атехника еилнакаарцаз иарҵаны, акамера аӡаҵаҟа ашьҭра ргәы иҭоуп. Ахәыҷқәа ари апроект рхы иархәаны анаҩс аицлабрақәа рҿы иқәгылар рылшоит ҳәа иҳәеит Ломиа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik Аԥсны арадиостудиаҟынтәи авидеонҵамҭаҿы.