Мгәыӡырхәа ақыҭан адгьыл ҳәазеит ԥхынҷкәынмзазы, уи иахҟьаны хә-ҩнык рахь анеира залыршахом. Иаԥҵан акомиссиа араион ахадареи Акапиталтә ргыларатә усбарҭеи рхаҭарнакцәа алархәны. Урҭ апроекти ахәшьаратә документациеи дырхиар акәын.
"Аҭагылазаашьа шыуадаҩыз иаанхеит макьаназы. Араион ахадара иааины ирбеит, ираҳаит. Апроект асмета ҟаҵоуп. Араионтә биуџьет уи алшаӡом, убри аҟынтә Аҟәаҟа аиҳабыра рахь ишьҭын. Иахәаԥшит, аха иахьазы аус ӡбаӡам. Аҭаацәарақәа машьынала - уи ҟалашьа амаӡам, изныҟәаӡом. Нас шьоукы рмашьынақәа уахь рыҩныҟа инхеит, даҽа шьоукы аҩныҟа инеиаанӡа адгьыл ҳәазеит. Аҭагылазаашьа аҽамԥсахит, арахьгьы аӡын ҳалахеит", - иҳәеит Агрба.
Иара иажәақәа рыла, адгьылҳәазара иахҟьаны зынеиааира уадаҩхаз ауаа аамҭалатәи мҩак рзыҟаҵаразы 830 нызқь мааҭ аҭахуп.