https://sputnik-abkhazia.info/20250129/agrba-mgyyrkha-adgylazara-iazkny-aagylazaasha-shyuadau-iaankhoit-1053536327.html
Агрба Мгәыӡырхәа адгьылҳәазара иазкны: аҭагылазаашьа шыуадаҩу иаанхоит
Агрба Мгәыӡырхәа адгьылҳәазара иазкны: аҭагылазаашьа шыуадаҩу иаанхоит
Sputnik Аҧсны
Ԥхынҷкәынмзазы Мгәыӡырхәа ақыҭан адгьылҳәазара иахҟьаны аиҭанеиааира ззыцәгьахаз ауаа рымҩа азҵаара иахьазы иахьынӡанагоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны... 29.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-29T16:39+0300
2025-01-29T16:39+0300
2025-01-29T16:39+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/1d/1053536431_0:52:1200:727_1920x0_80_0_0_9497787fb840d80da27aa56cbb5a4be9.jpg
Агрба Мгәыӡырхәа адгьылҳәазара иазкны: аҭагылазаашьа шыуадаҩу иаанхоит
Sputnik Аҧсны
Агрба Мгәыӡырхәа адгьылҳәазара иазкны: аҭагылазаашьа шыуадаҩу иаанхоит
Мгәыӡырхәа ақыҭан адгьыл ҳәазеит ԥхынҷкәынмзазы, уи иахҟьаны хә-ҩнык рахь анеира залыршахом. Иаԥҵан акомиссиа араион ахадареи Акапиталтә ргыларатә усбарҭеи рхаҭарнакцәа алархәны. Урҭ апроекти ахәшьаратә документациеи дырхиар акәын."Аҭагылазаашьа шыуадаҩыз иаанхеит макьаназы. Араион ахадара иааины ирбеит, ираҳаит. Апроект асмета ҟаҵоуп. Араионтә биуџьет уи алшаӡом, убри аҟынтә Аҟәаҟа аиҳабыра рахь ишьҭын. Иахәаԥшит, аха иахьазы аус ӡбаӡам. Аҭаацәарақәа машьынала - уи ҟалашьа амаӡам, изныҟәаӡом. Нас шьоукы рмашьынақәа уахь рыҩныҟа инхеит, даҽа шьоукы аҩныҟа инеиаанӡа адгьыл ҳәазеит. Аҭагылазаашьа аҽамԥсахит, арахьгьы аӡын ҳалахеит", - иҳәеит Агрба.Иара иажәақәа рыла, адгьылҳәазара иахҟьаны зынеиааира уадаҩхаз ауаа аамҭалатәи мҩак рзыҟаҵаразы 830 нызқь мааҭ аҭахуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/1d/1053536431_0:0:1200:900_1920x0_80_0_0_2ac4efa086972ccff4929139517c1f45.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Агрба Мгәыӡырхәа адгьылҳәазара иазкны: аҭагылазаашьа шыуадаҩу иаанхоит
Ԥхынҷкәынмзазы Мгәыӡырхәа ақыҭан адгьылҳәазара иахҟьаны аиҭанеиааира ззыцәгьахаз ауаа рымҩа азҵаара иахьазы иахьынӡанагоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Беслан Агрба.
Мгәыӡырхәа ақыҭан адгьыл ҳәазеит ԥхынҷкәынмзазы, уи иахҟьаны хә-ҩнык рахь анеира залыршахом. Иаԥҵан акомиссиа араион ахадареи Акапиталтә ргыларатә усбарҭеи рхаҭарнакцәа алархәны. Урҭ апроекти ахәшьаратә документациеи дырхиар акәын.
"Аҭагылазаашьа шыуадаҩыз иаанхеит макьаназы. Араион ахадара иааины ирбеит, ираҳаит. Апроект асмета ҟаҵоуп. Араионтә биуџьет уи алшаӡом, убри аҟынтә Аҟәаҟа аиҳабыра рахь ишьҭын. Иахәаԥшит, аха иахьазы аус ӡбаӡам. Аҭаацәарақәа машьынала - уи ҟалашьа амаӡам, изныҟәаӡом. Нас шьоукы рмашьынақәа уахь рыҩныҟа инхеит, даҽа шьоукы аҩныҟа инеиаанӡа адгьыл ҳәазеит. Аҭагылазаашьа аҽамԥсахит, арахьгьы аӡын ҳалахеит", - иҳәеит Агрба.
Иара иажәақәа рыла, адгьылҳәазара иахҟьаны зынеиааира уадаҩхаз ауаа аамҭалатәи мҩак рзыҟаҵаразы 830 нызқь мааҭ аҭахуп.