АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Амашәыр иахҟьаны Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра" аиҳабы Даур Паҷкориа.
"Ажьырныҳәа 30 рзы ахԥатәи аӡеизакырҭаҿ амашәыр ҟалеит. Ӡыда иаанхеит Иашҭхәеи "Кинопрокат" иахьаҵанакуеи. Ақалақь аҟны аӡы ыҟоуп, аха амчхара маҷуп", — иҳәеит иара.
"Аӡыршьҭра" аусзуҩцәа аҭыԥ аҿы аус руеит, ҩ-сааҭк рышьҭахь ӡыла аиқәыршәара азгәаҭоуп.