Аԥсны

Ареспубликатә мҩаду хадаҿы автомашьына блит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Ареспубликатә мҩаду хада 45-тәи акилометраҿы амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аҳабы Дамеи Аҩӡба.
Иара иажәақәа рыла, амашәыр ҟалеит аԥшьаша, ажьырныҳәа 30 асааҭ 17:00 рзеиԥшшәа. Lexus амашьынаныҟәцаҩ аԥсҟы изаанымкылаӡакәан ацҳа абетон аанда дасит.
Аҩӡба иҳәеит амашәыр иақәшәаз ахәшәтәырҭахь дышнаргаз, иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылам.