Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Инна Ҳаџьымԥҳа лусуреи анреи иазкны

Ажурналист, апоет Инна Ҳаџьымԥҳа илхыҵит 60 шықәса. Аԥҳәыс лықәра шамахамзар ицәырганы илҳәаӡом, аха Инна Иури-иԥҳа уи зӡо дреиуаӡам. Зхатә стиль, зхатә ҟазшьа, зхатә знагашьа змоу ҳколлега, лиирамш аҽны ҳлыҿцәажәеит.
Sputnik
Агәҭахәыцрақәа ирымшуп иахьа, лҳәоит Инна Иури-иԥҳа. Лара бзиа илбаӡом лирамш азгәаҭара, еснагь Тҟәарчалҟа дцон, аха уажәы лхәыҷқәа мап лцәыркит, ҳәа лҳәоит длафуа.
Инна Ҳаџьымԥҳа лзанааҭ атәы далацәажәауа илҳәеит, илгәаԥханы иҟалҵахьо адырраҭарақәа шырацәоу, аха Дырмит Гәлиа изкны иҭыҵыз шалылкаауа.
"Убри сықәманшәалахазшәа збоит. Схәыҷы аахыс сазхәыцуан Дырмит Гәлиа ашколқәа рҿы ддырҽхәоит, аԥсҭазаараҿы усҟак дӡыргаӡам ҳәа. Уажәы ицәыргаз аинформаторцәа рыбзоурала ихьӡ ҽакала игазшәа збеит. Сгәы иаахәеит иахьыргәаԥхаз, иахьрыдыркылаз ауаа аусумҭа", - азгәалҭоит ажурналист.
Анра заку лара лзы атәы еиҭаҳәауа, Инна Иури-иԥҳа илҳәеит, ҩыџьа лхәыҷқәа еснагь ишрылалааӡоз рхатә гәаанагара.
"Ахәыҷқәа ргәы бзианы аҵарақәа дырҵара саҵымхандаз ҳәа саҿын. Убри акәын исҭахыз. Аха, аԥсҭазаараҿы акы иацәымшәо, рхатә гәаанагара рыманы иҟазарц сҭахын, исылшазшәа збоит уи. Имариаӡамызт, ишыхәыҷыз иаҵасҵеит уи аидара. Аҩны ак ҟасҵозаргьы ргәаанагара еилыскаауа убыс иасыршьцылеит", - лҳәоит лара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.