https://sputnik-abkhazia.info/20250130/asny-eitsyrdyrua-akha-inna-ayma-lusurei-anrei-iazkny----1053553795.html
Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Инна Ҳаџьымԥҳа лусуреи анреи иазкны
Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Инна Ҳаџьымԥҳа лусуреи анреи иазкны
Sputnik Аҧсны
Ажурналист, апоет Инна Ҳаџьымԥҳа илхыҵит 60 шықәса. Аԥҳәыс лықәра шамахамзар ицәырганы илҳәаӡом, аха Инна Иури-иԥҳа уи зӡо дреиуаӡам. Зхатә стиль, зхатә... 30.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-30T16:57+0300
2025-01-30T16:57+0300
2025-01-30T16:57+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/1e/1053553630_0:184:1440:994_1920x0_80_0_0_d9e52e15e2718d29b470842ab3534f47.jpg
Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Инна Ҳаџьымԥҳа лусуреи анреи иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Инна Ҳаџьымԥҳа лусуреи анреи иазкны
Агәҭахәыцрақәа ирымшуп иахьа, лҳәоит Инна Иури-иԥҳа. Лара бзиа илбаӡом лирамш азгәаҭара, еснагь Тҟәарчалҟа дцон, аха уажәы лхәыҷқәа мап лцәыркит, ҳәа лҳәоит длафуа.Инна Ҳаџьымԥҳа лзанааҭ атәы далацәажәауа илҳәеит, илгәаԥханы иҟалҵахьо адырраҭарақәа шырацәоу, аха Дырмит Гәлиа изкны иҭыҵыз шалылкаауа."Убри сықәманшәалахазшәа збоит. Схәыҷы аахыс сазхәыцуан Дырмит Гәлиа ашколқәа рҿы ддырҽхәоит, аԥсҭазаараҿы усҟак дӡыргаӡам ҳәа. Уажәы ицәыргаз аинформаторцәа рыбзоурала ихьӡ ҽакала игазшәа збеит. Сгәы иаахәеит иахьыргәаԥхаз, иахьрыдыркылаз ауаа аусумҭа", - азгәалҭоит ажурналист.Анра заку лара лзы атәы еиҭаҳәауа, Инна Иури-иԥҳа илҳәеит, ҩыџьа лхәыҷқәа еснагь ишрылалааӡоз рхатә гәаанагара."Ахәыҷқәа ргәы бзианы аҵарақәа дырҵара саҵымхандаз ҳәа саҿын. Убри акәын исҭахыз. Аха, аԥсҭазаараҿы акы иацәымшәо, рхатә гәаанагара рыманы иҟазарц сҭахын, исылшазшәа збоит уи. Имариаӡамызт, ишыхәыҷыз иаҵасҵеит уи аидара. Аҩны ак ҟасҵозаргьы ргәаанагара еилыскаауа убыс иасыршьцылеит", - лҳәоит лара.Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/1e/1053553630_0:49:1440:1129_1920x0_80_0_0_78a69ecb1e4d0cb583b0bb92129f402e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Инна Ҳаџьымԥҳа лусуреи анреи иазкны
Ажурналист, апоет Инна Ҳаџьымԥҳа илхыҵит 60 шықәса. Аԥҳәыс лықәра шамахамзар ицәырганы илҳәаӡом, аха Инна Иури-иԥҳа уи зӡо дреиуаӡам. Зхатә стиль, зхатә ҟазшьа, зхатә знагашьа змоу ҳколлега, лиирамш аҽны ҳлыҿцәажәеит.
Агәҭахәыцрақәа ирымшуп иахьа, лҳәоит Инна Иури-иԥҳа. Лара бзиа илбаӡом лирамш азгәаҭара, еснагь Тҟәарчалҟа дцон, аха уажәы лхәыҷқәа мап лцәыркит, ҳәа лҳәоит длафуа.
Инна Ҳаџьымԥҳа лзанааҭ атәы далацәажәауа илҳәеит, илгәаԥханы иҟалҵахьо адырраҭарақәа шырацәоу, аха Дырмит Гәлиа изкны иҭыҵыз шалылкаауа.
"Убри сықәманшәалахазшәа збоит. Схәыҷы аахыс сазхәыцуан Дырмит Гәлиа ашколқәа рҿы ддырҽхәоит, аԥсҭазаараҿы усҟак дӡыргаӡам ҳәа. Уажәы ицәыргаз аинформаторцәа рыбзоурала ихьӡ ҽакала игазшәа збеит. Сгәы иаахәеит иахьыргәаԥхаз, иахьрыдыркылаз ауаа аусумҭа", - азгәалҭоит ажурналист.
Анра заку лара лзы атәы еиҭаҳәауа, Инна Иури-иԥҳа илҳәеит, ҩыџьа лхәыҷқәа еснагь ишрылалааӡоз рхатә гәаанагара.
"Ахәыҷқәа ргәы бзианы аҵарақәа дырҵара саҵымхандаз ҳәа саҿын. Убри акәын исҭахыз. Аха, аԥсҭазаараҿы акы иацәымшәо, рхатә гәаанагара рыманы иҟазарц сҭахын, исылшазшәа збоит уи. Имариаӡамызт, ишыхәыҷыз иаҵасҵеит уи аидара. Аҩны ак ҟасҵозаргьы ргәаанагара еилыскаауа убыс иасыршьцылеит", - лҳәоит лара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.