Аԥсны

Аԥснытәи ашьхақәа рҿы абнақәа амца ркит

Sputnik
Гагра, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра араионқәеи Афон ҿыци рҟны абнақәа амца рыцроуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА апрес-маӡаныҟәгаҩ Роман Лабиа.
"Аҵлақәа рымҵан иҩаз аҵиаақәа амца рыцроуп. Еиҳарак ауаҩы дахьзымнеиуа аҭыԥқәа роуп. Аиқәырхаҩцәа неиратә иахьыҟаз аҭыԥқәа рҟны иаразнак амца дырцәеит", — иҳәеит иара.
Аиқәырхаҩцәа аҭыԥ аҿы иҟоу аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит, ауаа ахьынхо аҭыԥқәа рҿы ашәарҭара ыҟаӡам. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амца ацралара зыхҟьаз ауаа роуп ҳәа иҳәеит иара.