Аԥсны

Дранда анхаҩы анаркотикатә маҭәашьарқәа имхуп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан инхо 30 шықәса зхыҵуа Альберт Ҵулаиа аметадон рацәаны имырхит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Хаҭала данеимырдаауаз хыхьтәи ишәҵатәы аџьыбаҿ иԥшаан аметадон згәылаз аилаҳәыра.
Аусӡбараҭа ақәҵарала Ҵулаиа аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп.
Аԥсны
Приморсктәи абылтәыҭаҭәарҭаҿ иҟалаз ахҭыс инамаданы ашьаус хацыркуп