АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Гәылрыԥшь араион аҿы иҟалаз ахысра иахҟьаны хаҵак дхәуп ҳәа Spunik иазеиҭеиҳәеит араион апрокурор Аслан Латариа.
"Маҷара ақыҭа ахадара азааигәара гәыԥҩык ауаа злахәыз аибырххарақәа ҟалеит. Ахысра иахҟьаны 1995 шықәсазы ииз, ақыҭаҿ инхо Ашәба Сасрыҟәа Мурман-иԥа ахәра иоуит. Иара ахәышәтәырҭахь днаргеит", — ҳәа иҳәеит Латариа.
Иазгәеиҭеи, ахҭыс шыҟалаз ажьырныҳәа 29 асааҭ 17:00 шыҟоу. Ахәра зауз дԥырҟеит, иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.
Еилкаам ауаҩы иганахь ала ауаҩы ааха ӷәӷәа иҭареи, абџьар закәандарала аҵәахреи аныҟәгареи рзы ашьаус хацаркуп. Аусеилыргаҩцәа ахҭыс иалахәыз зегьы раарԥшразы аус руеит.