АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Ашьхақыҭа Ԥсҳәы ауааԥсыра Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы абжьыҭараз алшара роуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Алхратә комиссиа хада аиҳабы Дмитри Маршьан.
Иқәыкшаны итәаз Ан-2 ианаамҭоу ианзышьақәмыргылаха, абжьыҭаразы иахәҭоу зегьы авертолиот ала ақыҭахь инагахоит
"Абжьыҭара ҩымш шагу, Алхратә комиссиа хада ахаҭарнакгьы дацны ҳара акомиссиа азы аусшәҟәқәа, абжьыҭиратә биуллетенқәа, абжьыҭаратә "урна" наҳгароуп. Уа акомиссиа еиҿыркаахьеит", — ҳәа иҳәеит иара.
Маршьан иазгәеиҭеит Ԥсҳәы ақыҭаҿы 120-ҩык рҟынӡа алхыҩцәа шынхо.
Ԥсҳәы, зегь реиҳа анеира ахьыуадаҩу Аԥсны ақыҭақәа иреиуоуп. Уахь шықәсык ахьтә 5-6 мзы амҩа аартуп, егьырҭ аамҭақәа рзы ҳаирла мацароуп унеиртә ишыҟоу.
Аҳаирплан Ԥсҳәы ақыҭантәи Аҟәаҟа ачымазаҩ даазгараны иҟаз ажьырныҳәа 29 рзы иқәкшаны итәеит. Аҳаирплан иҭан ҩыџьа аԥрыҩцәеи апассаџьырцәа аӡәи. Аӡәгьы акгьы имыхьӡеит.