АҞӘА, ажьырныҳәа 30 – Sputnik. Украина АшәМ адҵала амцацраҵара ҟазҵаз адиверсант Подмосковие дааныркылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла АШәМ аинформациа шьаҭас иҟаҵаны.
"Москватәи аобласт аҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа АШәМ аусзуҩцәа дааныркылеит Украина Ашәарҭадаратә Маҵзура адҵала 2023, 2024 шықәсқәа рзы еиуеиԥшым адиверси-атеррористтә актқәа рымҩаԥгара иалахәыз, 1979 шықәсазы ииз Урыстәыла атәылауаҩ", - ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Агәҩара зызрымоу ауаҩы арратә трактор, аихамҩа-релетә шьқаԥ, амобилтә еимадара аҳәышәҭ, Атәылахьчара аминистрразы аалыҵқәа рышьҭаҵарҭа амца рыцраиҵеит ҳәа. Украинатәи аԥшыхәра аусзуҩы армаӡашьа, амцаркыгақәа рыҟаҵашьа иирҵон.
Адиверсант Европаҟа ацаразы аԥаршеи документқәа уаҳҭоит ҳәа дақәдыргәыӷит, аха аҵыхәтәантәи амцаркра анымҩаԥига ашьҭахь дҳәаақәызҵоз инырра даҟәыҵит.