Аԥсны

Агәыҳалалратә фонд "Ашанеи" аилахәыра "Ацифратә аби" аусеицураз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" IT-еилахәыра "Ацифратә аби" аусеицураз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Иахьатәи атехнологиақәа рыбзоурала агәыразҩцәа иаарласны, имарианы аԥара ахыԥхьаӡалара рылшоит.
"Аусеицура ахықәкы хаданы иҟоуп афонд ахылаԥшраҿы иҟоу ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы аԥаратә цхыраара аизырҳара, афонд имҩаԥнаго асоциалтә проектқәеи аусмҩаԥгатәқәеи рахь азҿлымҳара аизырҳара, ахархәаҩцәа зегьы агәыҳалалратә усқәа рылахәхаразы алшара роурц", — ҳәа азгәалҭеит "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьолԥҳа.
Аилахәыра аԥҵаҩы Вахтанг Ҭыжәба иажәақәа рыла, аҭыԥантәи ақьафурҭақәа жәпакы ашәаратә усбарҭа рхы иадырхәо иалагахьеит.