АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аԥсны ахада иалхрақәа раан алхырҭатә ҭыԥ аиҿкаареи атехникатә еиқәыршәареи ирылацәажәеит ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Москва ақалақь ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алексеи Немериуки.
Немериук иазгәеиҭеит, аҳҭнықалақь анапхгара Ацҳаражәҳәарҭа иалшо ала адгылара аҭара ишазыхиоу, уахь ишаҵанакуа ахыбраҭыԥқәа рыԥшаара, ауаажәларратә зинеиҿкаара ашьақәыргылара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабранмза 15 рзы. Урыстәыла алхратә ҭыԥқәа ҩба аартхоит — Москвеи Черкесски.