Аԥсны

Аԥсны Аҳәынҭспортеилакы аиҳаби Ҭаҭарсҭан аҿар русқәа рзы аминистри еиԥылеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы аиҳабы Ҭарашь Ҳагбеи Ҭаҭарсҭан аҿар русқәа рзы аминистр Ринат Садыкови аҿартә политика алшарамчқәа ахырхарҭала аусеицура иалацәажәеит Казан.
Иара убасгьы, ирзааҭгылеит еицырзеиԥшу апроектқәа раԥҵара алыршара атәы.
Ҳагба далахәынажьырныҳәа 25 рзы имҩаԥысуаз "Ҭаҭарсҭан ашықәс астудент — 2024" аусмҩаԥгатә. Иара аҳамҭа ианеишьеит "Ашықәс аспорттә еилазаара" аноминациаҿы аԥхьахә згаз.