АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Тҟәарчал араион аҿы афымцацәаҳәа рӷьычит ҳәа зыгәҩара рымаз руаӡәк даанкылоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Ихацыркыз ашьаус аҳәаақәа ирҭагӡаны аоперативтә-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит АҩАР ашьаусԥшаара аусбарҭеи Тҟәарчал араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшаара аҟәшеи русзуҩцәа.
Ажьырныҳәа 17 руха алашара арцәара аамҭазы Тҟәарчал араион аҿы еилкаам џьоукы 300 метра афымцатә ҳа рӷьычит, уи иахҟьаны ф-ҳаблак — Аҟармара, Хәыхәын, Харчлаа, Џьанҭыхә, Ахәбатәи ашахта, Адәҳәыԥш лашарада иаанхеит.