АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи аргылареи рзы акоординациатә штаб анапхгаҩы Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иеиҳәеит ацхыраара аганахь ала Урыстәыла адгылара ҟанаҵарц.
Гәынба аҳәара ҟаиҵеит аԥхынтәи аамҭахәҭа иалагаанӡа Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа аҳаиртә еимадара аиҿкаараҿы ацхыраара ҟаиҵарц, иара убасгьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿ игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкны ареспублика ашколқәеи ақыҭақәеи афинанстә цхыраара рзыҟарҵарц.
Сергеи Кириенко ажәа риҭеит Урыстәыла анапхгара арҭ аҭаххарақәа хымԥада ишрыхәаԥшуа азы.