Аԥсны

Кириенко Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор диԥылеит

Кириенко ауниверситет иҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны дырԥылеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәылацәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа диԥылеит.
Кириенкои Гәарамиеи агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.
Анаҩс, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәылацәа рԥылара мҩаԥысит. Дара аҭҵаарадырратә аԥшьгарақәеи ҩ-ҳәынҭқаррак реимадара аҿиареи иалацәажәеит.
Кириенко Аԥсны иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи иареи еиԥылеит. Дара аԥсуа-аурыс усеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.
Анаҩс, аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи аргылареи рзы акоординациатә штаб анапхгаҩы Бадра Гәынбеи иареи аусуратә еилацәажәара мҩаԥыргеит. Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳаиртә еимадара аартра азҵаарақәа ирылацәажәеит ан, ари ахырхарҭала аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аусеицура арҭбааразы анаҩстәи ашьаҿақәагьы азгәаҭан.
Иара убасгьы, Пушкин ихьӡ зху аҟәатәи аҩбатәи ашкол даҭааит. Аклассқәа дрыҩналан игәеиҭеит, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи драцәажәеит. Идырбеит аҳәынҭқарратә корпорациа "Росатом" иаанартыз иҷыдоу "Атомкласс".