Аԥсны

10 миллиард мааҭк инеиҳаны агәаҭарҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҭашьақәыргылара иазоужьуп

Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Агәаҭарҭа-аушьҭратә ҭыԥ "Адлер" шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргыларазы 10 миллиард мааҭк инареиҳаны иазоужьуп.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иажәақәа рыла, апроект даара амҽхак ду амоуп, уи еиуеиԥшым аетапқәа рыла анагӡара азԥхьагәаҭоуп.
Иааиуа атуристтә сезон азы раԥхьатәи аиҭакрақәа ҟалоит – ашьашьмаҭрақәеи аҟәардәқәеи рхыԥхьаӡара еизҳауеит, иманшәалоу анавигациа ҟалоит, аҳазалхратә процедурақәа ырццакхоит.
Аиҭашьақәыргылара ахықәкы – Урыстәыла зегь реиҳа зхысра цәгьоу ҳәа иԥхьаӡоу аҳәаахьчаратә ҭыԥ иоунашьҭыр иалшо ауаа рхыԥхьаӡара аизырҳара ауп.
Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь агәаҭарҭа-аушьҭратә ҭыԥ аушьҭратә лшара 9,5-нтә еизҳауеит атранспорт азы, хынтә — ауаа рзы. Уи иабзоураны уахыки-ҽнаки рыла 14,13 нызқь амашьынақәеи 80,5 нызқьҩык ауааи аурышьҭыртә алшара ҟалоит.