Аԥсны

Кириенко Аԥсны иааиуа акурорттә сезон зеиԥшрахо ҳәа игәаанагара иҳәеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. 2025 шықәсазтәи Аԥсны акурорттә сезон рекордтәхар алшоит ҳәа иԥхьаӡоит Сергеи Кириенко.
"Ииашаҵәҟьаны иуҳәозар, ҳара еилаҳкаауеит, абҵарамзазы иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь Аԥсныҟа иаар зҭахыз атуристцәа аӡәырҩы рыҽшааныркылаз", — иҳәеит иара.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко жәабранмза 15 рзы иҟало алхрақәа рышьҭахь аҭагылазаашьа шьақәтәоит ҳәа агәыӷра ааирԥшит, иара убасгьы атәыла анапхгареи аполитикатә процессқәа ирылахәу зегьи иҭынчу, иҭышәынтәалоу аҿиара ҵакыс иамоу шеилыркаауа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
"Аԥсны иқәынхо ажәлар ҟәышуп. Зегьы азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгазар, азакәан ала зыӡбара аҭаху азҵаарақәа мчыла рыӡбара аҽазышәарақәа ҟамҵакәа, усҟан Аԥсны бзиа избо, аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа араҟа изхыргарц зҭаху атуристцәа шаац иаалоит", — иҳәеит иара.