АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Москва адунеизегьтәи ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Украинатәи Арбџьармчқәа Суџьа ақалақь аҿы иҟоу аинтернат аҿы имҩаԥыргаз ацәгьоура иақәыӡбаразы.
Ари атеррористтә қәылара ахара зду ҭакԥхықәрада абџьар Киевҟа иназышьҭуа атәылақәа роуп ҳәа азгәалҭеит аусбарҭа аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова. Лара инаҵшьны иазгәалҭеит, ари ацәгьоуреи егьырҭ ацәгьоурақәеи реиҿкааҩцәеи рынагӡаҩцәеи зегьы хырԥашьа змам ашьауӷа ишақәшәо.