Урыстәыла

УАМ Суџьа ақалақь аҿы ашкол-интернат иақәлеит, убри алагьы аибашьратә цәгьоура ҟарҵеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Украинатәи Арбџьармчқәа Суџьа ақалақь аҿы иҟоу ашкол-интернат иақәлеит, убри алагьы аибашьратә цәгьоура ҟарҵеит ҳәа иаанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Суматәи аобласт аҟынтәи аракетақәа шдәықәҵаз гәарҭеит Урыстәыла Аҳауахьчаратә мчра ахархәагақәа.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит апровокациа хықәкыс ишамоу Курсктәи аобласт Русское Поречное ақыҭаҿы украинатәи аруаа иҟарҵоз агыгшәыграқәа адунеи ауаажәларра рылаԥш рахыгара.
Ажәылара иахҟьаны ауаа ҭахеит, ахәрақәа зауз ыҟоуп. Урыстәыла Ашьаусеилыргаратә еилакы атеракт азы ашьаус хацнаркит арекатақәа рдәықәҵаразы адҵа ҟазҵаз Украинатәи Арбџьармчқәа 19-тәи хаз игоу аракетатә бригада адҵаҟаҵаҩ Ростислав Карпуша иганахьала.