АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Абаталион "Пиатнашка" адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны Бадра Гәынба икандидатура дшадгыло.
"Иара дшыцқьоу агәра згоит. Иара имоуп акоманда, егьырҭ акандидатцәа ркомандақәа рҿы иҟоуп зынӡа џьаргьы инашьҭтәым", — ҳәа иҳәеит иара.
Аҩӡба иҳәеит 2017 шықәсазы Гәынба Жәлар Реизарахь данцаз адгылара шииҭаз.
"Сара, Ахра Аҩӡба — арҭ ауаа срыдгылоит", -иҳәеит адҵаҟаҵаҩ.
Аԥсны ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабран 15 рзы. Аҳәынҭқарра ахадарахьы хәҩык акадидатцәа ықәгылоуп - Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Адгәыр Хәырхәмал, Олег Барцыц, Роберт Аршба.