АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи Апрокуратура хадеи рахь аҳәара ҟанаҵеит ашшыбӷьыцқәеи арзаҳалқәеи ианаамҭоу рыхәаԥшразы.
Ари алхратә кампаниа аамҭа зегьы аҵанакуеит, аԥсшьарамшқәеи жәабран 15 алхрақәа рымши уахь иналаҵаны ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Иара убас, Алхратә комиссиа хада ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рахь аҳәара ҟанаҵеит, атәыла ахада иалхрақәа раламҭалази алхрақәа амш аҽни алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы ашәарҭадара аиҿкааразы.
Алхратә комиссиа хада иара убасгьы аҳәара ҟанаҵоит, алхратә комиссиақәа рылахәцәа мҩаԥыргарц абжьыҭара алҵшәақәа рзы апротоколқәа иреиҳау акомиссиақәа рахь рышьҭраан.