Аԥсны

Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Евдокиа Котлиарова 95 шықәса лхыҵит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. 80 шықәса инареиҳаны Гагра инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Евдокиа Котлиарова 95 шықәса лхыҵит.
Аветеран лиубилеи лыдырныҳәалеит Аҟәа иҟоу Москва Аҩни Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи рхаҭарнакцәа.
"Шәара Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан шәфырхаҵареи Аԥсадгьыл хамеигӡарыла шәмаҵазуреи ахааназгьы ҳагәқәа рҿы иаанхоит", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Евдокиа Котлиарова Ар Ҟаԥшьаа дрыцхраауан афашистцәа ирымпыҵакыз Воронежтәи аобласт ақыҭақәа рҟынтәи апартизанцәа адыррақәа рыҭараҿы.