Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳауахьчаратә хархәагақәа уахыкала 70 дрон ҭадырхеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауахьчаратә хархәагақәа уахыкала 70 дронк ҭадырхеит атәыла арегионқәа рҿы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Иахатәи аҵх иалагӡаны аҳауахьчаратә аҷаԥшьаратә хархәагақәа аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 70 ҭадырхеит", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҟны.
Аминистрраҿ ишазгәарҭаз ала:
27 дрон Ростовтәи аобласт аҵакыраҿ иҭархан;
25 — Волгоградтәи аобласт аҟны;
быжьба —Астрахантәи аобласт аҟны;
хәба — Воронежтәи аоблост аҟны;
ԥшьба — Белгородтәи аоблост аҵакыраҿы;
ҩба — Курсктәи аобласт аҵакыраҿы.