Аԥсны

150-ҩык инареиҳаны аԥсуа школқәа рнаԥхгаҩцәа Пиатигорск рзанааҭдырра аизырҳара иахысуеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Пиатигорск иҟоу "Машук" центр аҿы 150-ҩык инареиҳаны аԥсуа школқәа рнаԥхгаҩцәа рзанааҭдырра аизырҳара иахысуеит.
"Сара агәра згоит, абарҭ зегьы аҳәынҭқаррабжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәареи аҵарадырра аусхк аҿы аинтеграциатә процессқәа рыҿиареи ишрыцхраауа", — ҳәа иҳәеит Арҵаратә центр "Машук" ахантәаҩы Антон Сериков.
Урыстәыла аҵарадырра ахырхарҭала иԥхьагылоу аспециалистцәа рԥышәеи, арҵагатә материалқәеи рколлегацәа ирзеиҭарҳәоит, анагӡаразы аусмҩаԥгатәқәа реизга еиқәдыршәоит.
Аԥснытәи арҵаҩцәа "Машук" ацентр апрограмма ралахәхара атәы уаанӡа иҳәахьан Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.