АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭветеринартә маҵзура 2025 шықәса хәажәкырамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31 рҟынӡа абгақәеи абгыӡқәеи рышьра аиҿкааразы анапынҵа аҭоуп.
Аусԥҟа "2025 шықәсазы ишәарҭоу абнатә ԥстәқәа рхыԥхьаӡара аҭышәныртәаларазы аусмҩаԥгатәқәа рзы" инапы аҵаиҩит аԥыза-министр ин.н.Валери Бганба.
️5556 мааҭ - ауааԥсыреи ашәарыцаҩцәеи ирызшәахоит бгак ашьразы;
2779 мааҭ - бгыӡк азы.
Ахарџьқәа рԥаразоужьра Аминистрцәа реилазаара арезервтә фонд аҟынтәи имҩаԥгахоит.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи, аҭыԥантәи анапхгараҭарақәеи, Асанитар епидемиологиатә маҵзуреи реиҳабацәа анапынҵа рыҭоуп иршьыз абнатә ԥстәқәа рықәгареи рыжреи рзы.